Аделегациа Цихинвал аҟазаара хықәкыс иамоуп Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи Афедерациеи еицымҩаԥырго аинформациа-координациатә центр аусуратә ԥышәа аҭҵаара, избанзар Аԥсны аиԥш зеиԥшу ацентр аус адулара иаҿуп.
Атәыла ахада асасцәа гәыблыла бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәа рыбжьара аинырра аҩаӡара шыҳараку.
«Аинформациа-координациатә центр ацәгьоурақәа рҿагылараҿы акырӡа зҵазкуа акакәны иҟоуп. Агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы иҷыдоу аҭыԥ ада ацәгьоурақәа жәпакы раарԥшра акыр иуадаҩуп», – ҳәа азгәеиҭеит Алан Гаглоев.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит гәыблыла иахьидикылаз азы, иазгәеиҭеит ҩ-республикак русбарҭақәа рыбжьара шықәсырацәалатәи аиҩызаратә еимадарақәа шрыбжьоу.
«Ҳара ҳзы даара ихадароуп ари аԥышәа шәымдара, аиҳаракгьы аексперттә усбарҭақәа рыҟны, уи ареспублика азы даараӡа акраҵанакуеит. Ҳаиашьаратә жәларқәа азеиԥш ҭоурых рымоуп, еснагь ҳаидгылон. Аринахысгьы ус иҟалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
вчера 5:52
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев усутә визитла Цхинвал инеиз Аԥсны амчратә усбарҭақәа рделегациа идикылеит
Абри атәы аанацҳауеит Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аԥсны Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков, Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр адиректор Иури Марышев.






