«Асоциалтә бгаԥса Афонд ахашәалахәқәа рыҩаӡара иахьа азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз захы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа ауааԥсыра ироуа асоциалтә ԥаратә цхыраагӡатә ашәагаа аиндексациа азура азы ажәалагалақәа ралаҵара алнаршоит. Уажәазы анапхгаратә усбарҭақәа рҿы афонд еиқәнаршәаз апроект ақәыршаҳаҭра мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Уи иажәақәа рыла, афинансқәа Рминистрра аҿы аԥаратә цхыраагӡатәқәак, ахәҭакахьала ахәыҷы ибара азы ироуа аԥсшьараамҭа иалагӡаны ирыҭахо асоциалтә ԥаратә цхыраагӡақәа ршәагаа 110% рҟынӡа ашьҭыхра иадгылоит. Убас ала – ахәыҷы иира аан аби ани аус руазар, 3 нызықь мааҭ рҟынтәи 7нызықь мааҭ рҟынӡа, ани аби аҩыџьагьы аус рымуазар, усҟан - 10 нызқьи 200 мааҭи рҟынтәи 17 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭыххоит.