Урҭ аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала ирыҭахо анхарҭаҭыԥ ахәԥса ахшәаара аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит.
Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵаз аҳәара ала аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи изоужьу анхарҭаҭыԥ азы ахәԥса ашәара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп арепатриант, Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика ԥхьатәара иҟоу аинрал-маиор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус зуа Бакир Мунир Абдел Саламович.