АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2022

АИМАДАРА АМАҴЗУРАҚӘА РЫНАГӠАРА АЗЫ АЛИЦЕНЗИА АҬАРА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БАЏЬ 50 000 МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠАЛОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит – Аԥсны Ахада Иусбарҭа  аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.

«Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект алицензиа аиура, алицензиа аҽҳәара ацҵара азы, иара убас аимадара ахархәагақәеи аимадара амаҵзурақәеи рзы анормақәа реишьашәалара азы адекларациа ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа ашьақәыргылара азы азакәан анормақәа рынагӡара азы идәықәҵоуп», - ҳәа илҳәеит сказала Н. Р. Ломиа.

Алицензиа аиура, алицензиа аҽҳәара ацҵара азы аҳәынҭқарратә баџь 50 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит, аимадара ахархәагақәеи аимадара амаҵзурақәеи рзы анормақәа реишьашәалара азы адекларациа ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа -  1000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.


Read 388 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 23:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.