АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жьҭаара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕҬ АХАРЏЬ АЛА ИМҨАԤЫСУА АРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЦАШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» адиректор хада Руслан Тәанба  алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аминирстцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз зфинанстәра ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуа аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа иалацәажәеит.  Еиҳа хадара злоу аобиектқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи, Нестор Лакоба Иҩны-амузеи, Дырмит Гәлиа Иҩны-Амузеи, Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭа ахыбра, Аԥсны акәашареи ашәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратәансамбль ахыбра, абжьаратә школқәа, Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча, иара убас Очамчыра араион аҿы  афельшертә пункт, уҳәа убас иҵегьы.

Аусурақәа рыплан иазԥхьагәанаҭоит ӡыла аиқәыршәареи адгьылҳәазара аԥхьырҟәҟәаареи аҟәара арӷәӷәареи, адренажтә, уҳәа аусурақәа. Зынӡа ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы иааизакны аусурақәа мҩаԥысуеит 87 обиект рҿы.

Аргыларатәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа рынагӡара азы иазоужьу аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 394 млн 159 нызықь мааҭ иреиҳауп.  Иахьазы имҩаԥгоу афинанстәра азеиԥш еицҵалыҵ 240 млн 26 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Атәыла аԥыза-министр аилатәара иалахәыз иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирзоужьу аҽҳәара иалагӡаны, ахаҭабзиа ҳаракы аманы рымҩаҭгара шхымԥадатәиу ахшыҩзышьра арҭарц иазгәеиҭеит.


Read 301 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 14:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.