АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:41

Апоет Аинар Ҷыҭанаа ажурнал «Алашара» аредактор хада инапынҵақәа наигӡалоит ҳәа аанацҳауеит SputnikАԥсны

 

«Аредакци иамоу атрадициақәа аԥхьаҩцәеи амилаҭтә литература абзиабаҩцәеи ибзианы ирдыруеит. Ари 70 шықәса инеиԥынкыланы аԥсышәала мацара иҭыҵуа журнал хадоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаҵанакуа аҭыжьымҭаҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус руан аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

«Ажурнал аредактор хадас акыр шықәса инеиԥынкыланы аус иуит ҳҩыза Анатоли Лагәлаа. Иара иусура анаҩсангьы, Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара далахәын, аҩымҭа ссирқәа аԥиҵон», - ҳәа ациҵеит Аԥҳазоу.

Ҷыҭанаа икандидатура алхын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылацәа рыбжьыҭирала.

«Иҩымҭақәа реизга ҭыҵхьеит, иазыԥхьагәаҭоуп даҽакгьы аҭыжьра. Уи ихаҭыԥуаҩыс далхын аредактура аус аҿы аԥышәа змоу апоетесса, апублицист Заира Ҭҳаиҵыкә», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥҳазоу.

Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгаҩцәеи, иара убас ажурналқәеи агазеҭқәеи рредактор хадацәеи шьақәдырӷәӷәоит хәышықәса рахь знык имҩаԥысуа аизара ду аҿы ҳәа азгәеиҭеит иара. Анаҩстәи аизара ду азгәаҭоуп 2027 шықәсазы.

Ажурнал «Алашара» аредактор хада, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит ҳазҭоу ашықәс жәабранмза 15 рзы.

Аинар Ҷыҭанаа диит 1999 шықәса нанҳәамза аказы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан.

Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша.

2019 шықәсазы аԥсышәала иҭижьит ажәеинраалақәа реизга «Иҵәахыз амаӡа». Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп 2022 шықәса раахыс.


Read 25 times - Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 17:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.