Лаҵарамза 8 рзы 85 шықәса ихыҵит Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аҭҵаарадырратәи усзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Иури Николаи-иԥа Воронов (лаҵарамза 8, 1941 ш. - цәыббрамза 11, 1995 ш.).
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаи, аԥыза-министр Владимир Делбеи, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи, Аиҳабыреи, Жәлар Реизара адепутатцәеи, аҭҵаарадырратә уаажәларра ахаҭарнакцәеи, аҵарауаҩ иуацәеи иҭынхацәеи, Иури Воронов ихьӡ зху абжьаратә школ №3 аҵаҩцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи аԥхьа иҟоу инышәынҭраҿы.






