Уаҟа ицәыргоуп 1941-1945 шықәсақәеи аибашьра ашьҭахьтәи ирыҵаркуа асовет политикатәи арратәи плакатқәа, иара убас афотоҭыхыҩ, арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа иколлекциа аҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку афильмқәа ркиноафишақәа.
«Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку аҭоурыхтәи атематикатәи материалқәа СССР лассы-лассы ателехәаԥшрала иддырбон. Маҷ-маҷ еидыскылеит аматериал, аблокада аамҭа иазкыз афильмқәагьы налаҵаны. Уаанӡа сколлекциа аҟынтәи аусумҭақәа ӡырыргахьан. Уажәы сколлекциа хасырҭәааит, уи иахылҿиааит зымҽхак ҭбаау ацәыргақәҵа», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭеиҳәеит Ҷкадуа.
Аԥсны иҟоу «Москва аҩны» адиректор Александр Бигәаа ацәыргақәҵа иуникалтәуп ҳәа ахиҳәааит.
Бигәаа гәахәарыла иазгәеиҭеит ацәыргақәҵаҿы аҿар рхыԥхьаӡара шырацәоу. Иара игәаанагарала аекспозициа аҿар уи аепоха иаҵанакуа афильмқәа ирыхәаԥшырц азы агәазыҳәара рызцәырнагоит.
«Уи акраҵанакуеит, избанзар ҳаамҭазтәи абиԥара ирымаӡам алшара ишиашоу аветеранцәа ирыҿцәажәартә, рҭоурыхқәа раҳартә еиԥш», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ацәыргақәҵа аартра иалахәын: акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, уи ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, урҭ рырҵаҩцәа.
Ауснагӡатә еиҿнакааит Аҟәа иҟоу «Москва аҩны», Москва Аиҳабыреи, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти, Москватәи аџьынџьуаҩ иҩныи рыцхыраара иабзоураны.






