АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АХЫСЫРҬАТӘ ҬЫԤ "ҴАБАЛ" АҞНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АДҴА-ШТАБТӘ МОБИЛИЗАЦИАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА ДЫРҬААИТ.

ахысырҭатә ҭыԥ "Ҵабал" аҟны Атәылахьчара аминистрра адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа дырҭааит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Аслан Бжьаниа ахысырҭатә ҭыԥ "Ҵабал" аҟны Атәылахьчара Аминистрра адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьратә хысрақәа рымҩаԥгашьа дахәаԥшуан  аԥшьаша, жьҭаарамза 27 рзы.

Аибашьратә хысрақәа рхы рыладырхәит Тҟәарчалтәи актәи аполк арезервистцәа, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшархәҭатә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, артиллериатә архәҭақәа, арра-ҳаиртә мчқәа, атәыла амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Азыҟаҵарақәа раан аус рыдулан азеиԥш усмҩаԥгатәқәа, ихәыцу аӷа ижәылара аҭак иҭаразы.

Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит адҵа-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәа ирылахәыз зегьы, иазгәеиҭеит аибашьратә дҵақәа рынагӡараан аҳәоуеиқәшәара, аоперативтәра. "Аԥсны ажәлар шәара ишәықәгәыӷуеит, иара убас арбџьар мчқәа ҳаԥсадгьыл ашәарҭадара ахьчара шалдыршо азгьы шәыгәра ргоит.

Атәыла анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, ҷыдала азҿлымҳара арҭоит ҳарбџьар мчқәа. Иааиуа амшқәа рзы имҩаҧысраны иҟоуп Арбџьар мчқәа рырӷәӷәаразы хадар злоу аусмҩаԥгатәқәа",- иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 390 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 22:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.