Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа Ахылаԥшырҭа аколлектив анапхгаҩы ҿыц дыдирдырит. Иара аколлективи уи анапхгаҩы ҿыци русура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.
27.Жьҭаара.2022
ИРАКЛИ ХАРЧЛАА АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАҚӘЕИ РЗЫ АМИНИСТРРА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АЛА АИНСПЕКЦИА АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра Аҟәа ақалақь ала Аинспециа анапхгаҩыс дҟаҵоуп Иракли Харчлаа.
Уаанӡа ари амаҵураҭыԥ аҿы иҟаз Авҭандил Џьынџьолиа хаҭала иалеиҵаз арзаҳал ала имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.