АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2022

АПАРЛАМЕНТ ИЗААМҬАНЫТӘИУ ҬАГАЛАНТӘИ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиа аилатәара. 

Ирыхәаԥшит, аҵыхәтәантәи аԥхьараан ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:

«2002 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

Ажәахәҟаҵаҩ- Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  адепутатцәа ралхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

Ажәахәҟаҵаҩ - Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

«Аҳәынҭқарратә ҳазазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә фондқәа рышҟа «Аԥсны Аҳәынҭқарра ибиуџьеттәым асоциалтә фондқәа рахь аԥгаԥсатә лагаламҭақәеи ашәатәқәеи рзы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

«Анхарҭатә ҭыԥқәа қьырала ирызҭо хазхаҭалатәи анаплакҩцәа ирмарианы аҳәынҭқарратә шәҟәы рҭагаларазы «Зымч зцәыӡыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳәа азхаҵаразы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.                                                           

Ирыхәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанапроектқәа:

«Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы».

«Аӡыргаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаразы»

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла аҩбатәи ахәҭа аԥсахрақәа ралагаларазы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».

«Аӡбаратә мчхаразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы».

Ажәахәҟаҵаҩ - Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба. 

Ирыхәаԥшит, ирыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵарақәа:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара атәылауаҩ Адлеиба б.Р.  хазхаҭалатә-нхарҭатә ргылареи анхарҭа ҩны амаҵзуреи рзы иҭаразы» Бабышьира ақ. Ҷанба имҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиланхарҭатә дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы аҭара ақәиҭтәразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара атәылауаҩ Кобахьиа Г.А. адачатә ргыларазы иҭаразы Гәылрыԥшь аҳабла Солнечнаиа амҩаҟны 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу» акатегориаҟнытә «аиланхарҭатә пунктқәа рыдгьыл» акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭаҟны 12,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиланхарҭатә дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы аҭара ақәиҭтәразы» анаҩс еснагьтәи ахархәаразы агәабзиара-чаԥарҭатә комплекс аргыларазы зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Абырлаш-2010» аҭаразы».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Пицунда ақ. аҟны 16,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу акатегориахь аиагаразы» анаҩс зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу ауаажәларра «Москва Резорт» агәабзиарачаԥарҭа-курорттә обиект аргыларазы аҭаразы».

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Пицунда ақ. аҟны 4,12 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Москва Резорт» агәабзиара-чаԥарҭатә курорттә обиект аргыларазы еснагьтәи ахархәаразы аҭаразы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа.


Read 401 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 21:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.