АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жьҭаара.2022

АҲӘААХЬЧАРАТӘ ПУНКТ “АДЛЕР” АҾЫ АНЫҞӘАРАЗЫ ИНАЗЫЦҴОУ Ҩ-ЦӘАҲӘАК ЕИҚӘДЫРШӘЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаахьчаратә пункт «Адлер» аужьҭратә лшара аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәыла атранспорт Аминистрреи Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә усбарҭеи «Росгранстрой» Урыстәылаҟа ииасуа автомашьынақәа рзы иназыцҵоу ацәаҳәақәа еиқәдыршәеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа атуризм Аминистрра.

Ацәаҳәақәа аҳәынҭқарратә гәаҭаратә усбарҭақәа русуреи аҳәаа аҿы агәаҭаратә процедурақәа рымҩаԥгареи рзы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьы рыла еибыҭоуп. Уи зегьы аҳәаахьчаратә ыиасырҭа «Адлер» аужьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла зқьы машьына рҟынӡа аизырҳара алнаршоит.

Урыстәыла атранспорт Аминистрра иара убас  2025 шықәсазы ихыркәшахо, аужьҭратә ԥыԥшырҭа «Адлер» амодернизациа иазку апроект ду нанагӡоит. Уи аужьҭратә лшара  уахыки - ҽнаки рыла 18-20 нызықь автотранспорттә хархәагақәеи 80-100 нызықьҩык ашьаҟауааи рҟынӡа инаӡалоит.


Read 262 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.