АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жьҭаара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА ИАТӘУ АЕКСПЕРИМЕНТАЛТӘ ПАТАЛОГИЕИ АТЕРАПИЕИ РЗЫ АҞӘАТӘИ АҬҴААРА-ДЫРРАТӘ ИНСТИТУТ АНАПХГАРАҬАРЕИ АКОЛЛЕКТИВИ АИНСТИТУТ 95-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АИУБИЛЕИ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны анаукақәа ракадемиа иатәу аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт анапхгараҭареи аколлективи Аинститут 95-шықәса ахыҵра аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иԥхьагылоу аинститут 95-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!

Иналукааша асовет ҵарауаа Николаи Семашко, Илиа Иванов, Иаков Тоболкин раԥшьгаралеи хаҭала рылахәхареи рыла нанҳәамза 27, 1927 шықәса рзы иаԥҵаз аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт ахьӡ-аԥша ахара инаҩхьеит. Уи жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу априматологиа аҵара ацентрны иҟалеит, акьыба чымазарақәа рҿагылара азы акыр аҵак ду змоу базаны ишьақәгалеит. Акыр аамҭа иалагӡаны ари аинститут напхгара аиҭон академик Борис Лапин.

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, ари аинститут аҿы имҩаԥыргоз анаукаҵәа ҭҵаарақәа акыр аҳәаақәа ҭбаахон. Араҟа иаԥҵан адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ицәырҵыз авирусқәак рмоделқәа, авакцианақәа, антибиотик ҿыцқәа, ахәшәқәеи  рԥышәарақәа мҩаԥган, аендокринатә, арадиобиологиатә, агематологиатә, аиммунологиатә ҭҵаарақәа нарыгӡон. Апрограмма «Бион» ала аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт аспециалистцәа априматқәа акосмос ахь аԥырра иазыҟарҵон.  

Иналукааша аҵарауаа рабиԥарақәа рыла инагӡаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа амедицинеи агәабзиарахьчареи рҿы ареволиуциа ҟарҵеит ҳәа уҳәар алшоит. Аполиомиелит, ашыӡ ҩежь, иқәнаԥсо аршра, апаҿатә енцефалит, ацәарԥшӡа, аҩежьра, уҳәа егьырҭ ачымазарақәа шәлабараториақәа рҿы риааира алыршахон.

1992-1993 шш. Аԥсны аганахьала имҩаԥгаз Қырҭтәылатәи арратә агрессиа аинститут ааха ӷәӷәа анаҭеит – Тамшь ақыҭан иҟаз анаукатә база еиларбган, Аҟәатәи апитомник аҿы иҟаз амаамынқәа реиҳарак ҭахеит, анаукатә архив акыр аԥырхага аиуит. Аха ари атрагедиа аҵарауааи аспециалистцәеи рколлектив ргәы азкамыжьит. Шәара ҩаԥхьа шәымчи шәыхшыҩи еилаҵаны даараӡа иуадаҩыз аус - ԥыхьатәи шәыхьӡ-шәыԥша аиҭарҿиара напы ашәыркит.

Агәра ганы сыҟоуп, шәылшарақәа ирыбзоураны аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҟәатәи аҭҵаара-дырратә Институт ԥыхьа еиԥш уажәгьы жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә институтны ишыҟало.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, шәнапы злаку аус аҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи!»


Read 242 times - Аԥшьаша, 27 Жьҭаара 2022 21:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.