АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 13:10

Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Аԥсни рнапы аҵарҩит 30 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа

Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Аԥсни рнапы аҵарҩит 30 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәа быжьбеи, Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аинвестициақәа – Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба афорум аихшьалақәа ирызкыз аилатәараҿы.  Аҵакы ҷыда рыман Аԥсны абизнес ахаҭарнакцәеи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи рколлегацәеи реимадара.

Афорум аихшьаалақәа рыла атәылахь аинвестициақәа рымҽхак 100 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

«Арҭ алшарақәа ҳбизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа атәыла аизҳазыӷьаразы рхы иадырхәалароуп. Еилкаауп ҳамҭак аҳасабала ари аҩыза аҭагылазаашьа аӡәгьы ишаԥимҵо. Ҳара ҳганахьала Аԥсны аинвестициақәа радыԥхьаларазы алшарақәа аԥаҳҵоит»,  - иҳәеит Бадра Гәынба.

Ахада иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭрақәа аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара, аҳәынҭқарратә ҵарадырратә усбарҭақәа рыргылара, аҳаиреимадара арҭбаара, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа урыстәылатәи аџьармыкьахь рцәырҵра, аграртә сектор арҿиара ирызкуп.

Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа аекономикахь аинвестициақәа радыԥхьалара алнаршоит,  ашьаҭа бзиа ркуеит.

«Уи иаанаго анаплак ҿыцқәа рцәырҵреи аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи роуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иаликааит Аԥсни Урыстәылеи ренергетика аминистррақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра.

«Ари аенергетикатә усхк аҿы иҳазцәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны раԥыхразы лшара бзиоуп», - иҳәеит иара.


Read 168 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.