Сарида Лакәатаа аицлабрақәа хлыркәшеит 9 рҟынтәи 6,5 кәатала лыманы, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит.
4,5 кәатала зауз Амели Џьениа лакәзар «16 шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа» ркатегориаҿгьы иреиӷьу лакәхеит, актәи аҭыԥ даԥсахеит.
вчера 21:27
Аԥснытәи аспортсменцәа қәҿиарала иқәгылеит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз ашахмат азы атурнир
Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.






