АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:27

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз XV Жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль «Монокль» аҟны аиааира игеит Осман Абыхәба

Ф.А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҟны Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» ала иқәыргылоу амоноспектакль аҿы Заурҟан Золак ироль ахьынаигӡаз азы иналукааша аҳамҭа ианашьахеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист.

Арбара мҩаԥысит хәажәкырамза 3 рзы, афестиваль атеатр «Балтикатәи аҩны» асценаҿы. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа иқәиргылаз ари аспектакль ахәаԥшцәа рҿаԥхьа азхаҵара аиухьан, Москва имҩаԥысуаз агастрольқәа раан хыԥхьаӡара рацәала ауаа еизнагахьан.

Ақәыргыламҭа аурыс драматә театр арепертуар аҿы акрызҵазкуа акәны иаанхоит. Аҟәа, атеатр асценаҿы, ахәаԥшцәа аспектакль иаҭаар рылшоит хәажәкырамза 15, мшаԥымза 11, лаҵарамза 4 рзы.


Read 29 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.