АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:35

Алиса Гыцба имҩаԥылго IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра алабораториа мҩаԥысит Белгород ақалақь аҿы

Апроект «Амузыка — ҳәаа змам аицәажәара» аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны Белгородтәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит арҿиаратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы.

Хәажәкырамза 4-5 рзы имҩаԥган иаарту амастер-класс, иара убас аныҳәатә концерт. Апрограмма иалахәын Белгородтәи академиатә оркестри асолисткацәа Алиса Гыцбеи Надежда Сорокинеи.

«Белгородҟа ахынҳәра сара сзы хҭыс ҷыдоуп. Аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы ҵыԥхгьы азал ҭбааҭыцә уааԥсырала иҭәын. Уажәы афиларниаҿы аконцерт анаҩсангьы, ҳлабораториа амастер-класс мҩаԥнагеит. Алахәылацәа аус рыдаҳулон, атехника анаҩсангьы хшыҩзышьҭра аҳҭон анагӡара асахьаркыратә гангьы: адикциа инаркны аҭеиҭыԥш аҟынӡа. Ахҭыс ахь азҿлымҳара ду иаанарԥшит акультура иахьа даҽа аамҭак еиԥшымкәа ишхымԥадатәиу. Аицлабра иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп ақәҿиарақәа, Белгород ауааԥсыра - ачҳареи агәаӷьреи!» — лҳәеит Алиса Гыцба аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аинтервиу аналҭоз.

Апроект нагӡоуп акультуратә аԥшьгарақәа ирызку Аԥсны Ахада ифонди атәыла Анапхгареи иҟарҵаз адгылара иабзоураны.


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.