АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:52

Амаҭәар ҿыцқәа ԥшаауп археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, акаҳуажәырҭа «Пингвин» инаркны абааш аҟынӡа археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеижьҭеи абар мчыбжьык ҵит.

Араҟа ирыԥшааит I–IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаақәа ԥшьба рыԥҽыхақәа.

Аҭҵаарақәа рхы аладырхәуеит аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалистцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа, хатәгәаԥхарала ацхырра инеиз. Археологиатә ԥшаара напхгара аиҭоит археолог Алик Габелиа.

Иахьа иԥшаан акрызҵазкуа амаҭәарқәа: аурымцәа иртәыз аԥараҿырпы, аԥштәы змоу аихатә ҵәымӷ. Аԥараҿырпы арыцқьара аҭахуп, аха уи аурымцәа раамҭа ишаҵанакуа еилкаауп. Уаанӡа ирыԥшаахьан аурымтәи авизантиатәии аамҭақәа раан иҟаз аԥараҿырпқәа жә-ццырак

Иара убас иԥшаан аҳаԥшьа аԥҽыхақәа, ажәытә саркьа, сахьала иҩычоу иҟаԥшьу анышәаԥшьӡы иалху ачысмаҭәа. Арҭ аԥшаахқәа иалдыршоит ажәытә ҭоурых аиҭашьақәыргылара.


Read 68 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.