Сара ажәалагала сымоуп, алхрақәа раан аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз акандидат, анапхгараҿы аусурҭа ҭыԥ иҭазарц, иаҳҳәап, аԥыза-министр иҭыԥ.
Уи иалнаршоит ауаажәларратә еибарххара армаҷра, иаҵахаз иаиааиз дҟалаӡом, аграждантә институтқәа ирныруеит. Ари азнеишьа ауаажәларра реизакреи, рдемократиатә уасхыр арӷәӷәареи иацхраауеит», – ҳәа азгәеиҭеит Виачеслав Чыркба Аҟәа имҩаԥысуа «Аполитикатә система ареформа – иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу астол гьежь аҿы.






