«2004 шықәса раахыс Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа аполитикатә кризисқәа мҩаԥысуеит. Усҟан аконституциатә реформазы акомиссиақәа аԥырҵон, аха аиҭакрақәа еиҳарак аӡбаратә система иадҳәалан. Азеиԥш зинеиҿкааразы аӡбарҭақәа рырҽеирақәа алагалан, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы ахы аҟны астатиа ацҵан, аԥсахрақәа аҭыԥантәи ахаланапхгара иакьысит.
Аполитикатә кризисқәа аҳәынҭқарра анапхгара аԥсахуан. Уи ишьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра-зинтә механизм аԥсахрақәа шалагалатәу. Акризисқәа рышьҭахь ауаажәларра еиҳа-еиҳа еиҟәыҭхахон. Абри зегьы агәҭынчымра узцәырнагоит. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа мҩаԥымслароуп», – ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Қьецба.
Азиндырыҩ игәаанагарала, Аконституциа аԥсахрақәа алагалатәуп ихадоу ҩ-хырхарҭак рыла: анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи амчратә усбарҭақәа рыбжьара амчра аихшара, алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара.
«Ари адиалоги арҿиаратә усеицуреи акыр рыҵаркуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп иахьа еиԥш хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысраны иҟоу Ауаажәларратә форумгьы аҵак ду шамоу», – ҳәа азгәеиҭеит Қьецба.






