Маврики Амҷба атәылауаҩратә хьчара азы аусмҩаԥгатә хадақәа, урҭ хықәкқәас ирымоу, уҳәа дрылацәажәеит, еиуеиԥшым аструктура русеицура шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Аҩнусбарҭа № 3 анапхгаҩы Асҭамыр Матуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адҵа ала аҳҭнықалақь аҿы иҟоу атәылауаҩратә хьчара аобиектқәа рҭагылазаашьа аилкаара иазкны аинвентаризациа мҩаԥысуеит.
Аинвентаризациа аобиектқәа збаланс аҿы иҟоу аилкаареи урҭ ирымоу аҭагылазаашьеи реилкаареи, ианаҭахха азы уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи алнаршоит.
«Ҳара иаҳдыруазар ахәҭоуп атәлауаҩратә хьчара аобиектқәа рхыԥхьаӡара, урҭ рҭагылазаашьа, збланс аҿы иҟоу, урҭ рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ, уҳәа», - ҳәа иҳәеит адепутат Лаша Зарандиа.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, иааиуа ашықәс азы абиуџьет адкылараан атәылауаҩратә хьчара аобиектқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иаҭаххо ахарџь азԥхьагәаҭазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аинрал-маиор Илиа Гамсаниа аилатәара иалахәыз амобилизациатә усмҩаԥгатәқәа, арезервистцәа аус рыдулара, урҭ рхыԥхьаӡара аҳасабырбара, уҳәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.
Илиа Гамсаниа адепутатцәа иҟоу апроблемақәа рганахьала иаадырԥшуа аилкаареи ахшыҩзышьҭреи, ауадаҩрақәа рыӡбараҿы активла рылахәхаразы ирымоу агәазыҳәареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Актуалра злоу атема алацәажәара мҩаԥысит. Уи акыр аҵак ду амоуп, аилацәажәара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы ииашаны алкаақәа ҟаҳҵап», – ҳәа аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит Дмитри Осиа.