АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жьҭаара.2022

АҞӘАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛҚӘА ҨБА РҾЫ АСАНИТАР-ГИГИЕНАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА АИӶЬТӘРА АЛЫРШАХЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ацхыраарала аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа ҩба – №6 ; №15 рҿы ӡыла аиқәыршәареи асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи ирызкны  ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит.  Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра афинанстә цхыраарала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа рҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра азы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.

Жәларбжьаратәи ахаҭабзиара астандартқәа инарықәыршәаны, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахеит згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рзы иарбоу ауалақәа рҟынӡа рынаӡара маншәаланы аҟаҵара алыршара.

2020 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ)  Аԥсны иахьаҵанакуа 30 инарзынаԥшуа абжьаратәи школқәа рҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа аиӷьәра алнаршахеит. Ашколқәа рҿы ӡыла аиқәыршәареи асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи рзы Апрограмма  аус аулоит 2025 шықәсанӡа. Иарбоу аамҭа иалагӡаны    74 школ рҿы, уи ареспублика аҿы иҟоу ашколқәа рхыԥхьаӡара абжа ауп, аусурақәа рынагӡара азԥхьагәаҭоуп.


Read 414 times - Ахәаша, 21 Жьҭаара 2022 19:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.