Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса жәымз ирылагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчара Аусбарҭеи рысзуҩцәа зықь-ҩык инареиҳаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асаит.
«Аҳәаахьчаратә зана аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәаеидкыла ахәҭаҷ 190; «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәаеидкыла ахәҭаҷ 1901; «Ареспублика Аԥсны амшынтә ҵакыреи аҩныҵҟатәи аӡытә ҵакыреи рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 1902 инақәыршәаны, иаанкылоу атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
«Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 324, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҷыдарақәа рыла, 10 инарзынаԥшуа аусеилыргарақәа хацыркуп.
Иԥхьырҟәҟәаауп 20 инареиҳаны Аԥсни еиуеиԥшым азкызаара змоу атауарқәа Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа рахыгара азы аҽазышәарақәа: зыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 1,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 4 400 блок инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ рымхра мҩаԥган.
Изакәаным аусура аиҿкаареи амҩаԥгареи знапы алаку ахаҿқәа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә нырра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.