Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аҿы ауааԥсыра ирыдгалахоит: аҭыԥантәи ашәырқәеи ауҭраҭыхи, аҩны иҟаҵоу аҩы, ашәырҩақәеи ашәыреиларшқәеи акомпотқәеи, анапҟазаратә аалыҵқәа, ахшхарҵә аалыҵқәа, уҳәа убас иҵегьы.
Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсабара», убри аан ацхыраара ҟанаҵеит Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара «Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр».
Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа алахәылацәеи уи иаҭаауа асасцәеи рзы иара убас амузыкалтә программеи ахәыҷқәа рзы ақәгыларақәеи еиҿкаахоит.