Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Апарламент аҿы иаԥҵоуп Ареспублика ашәахтә закәанԥҵара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы аусуратә гәыԥ.
Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан напхгара зиҭало аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит:
Ҳалуашь Б. В. – абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы;
Гәлиа А. Р. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа абиуџьет азы асектор аиҳабы;
Шьалашьаа 3. И. – аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор;
Қәаранӡиа А. А. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афинансқәеи акредити ркафедра аиҳабы, аекономикатә наукақәа ркандидат, адоцент;
Гәыниа A. А. – Аминистрцәа Реилазаара азинтә напхгараҭара аусбарҭа анапхгаҩы;
Киут Л. Р. – Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата асертификациа анапхгараҭареи аусуратә информациеи абжьагарақәеи аусдкылареи русбарҭа анапхгаҩы;
Чачхалиа Р. Х. – Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ареферент;
Џьынџьолиа А. Ш. – Аԥсны Аконтрольтә Палата аексперт-аналитикатә ҟәша аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет арҵаҩы.
Аԥсны ашәахтә закәанԥҵара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аусура аҿы ицәырҵуа ахарџь ахарҭәааразы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аԥаратә –хархәагақәа рҟынтәи иазоужьхоит 120 нызықь мааҭ.