АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынҷкәын.2025

Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз аилатәара мҩаԥысит Ауаажәларратә Палата аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара Ауаажәларратә Палата аԥшьгарала арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аилатәарақәа рзал аҿы имҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала лхы алалырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа.

Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, аиԥылара аартуа Аԥсны Актәи Ахада игәалашәара анаунагӡатәра иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Ҳара заанаҵы еиқәыршәаз ажәахәқәа, асценариақәа ҳамаӡам, ҳара ари аиԥылара ҭаацәашәала, аԥхарра аҵаны имҩаԥаагарц ҳҭахуп», – ҳәа илҳәеит лара. Гәыли Кьычба лажәа иацҵо Владислав Арӡынба изы иҳәоу, иҩу акыр ишарацәоугьы, еиҳа ирацәоуп ахшыҩзышьҭра зҭатәны иҟоу уи иԥсҭазаареи иусуреи ртәы зҳәо аспектқәа ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Ауаажәларратә Палата алахәыла Леонид Осиа Владислав Арӡынба амилаҭ раԥхьагыла иаҳасабала адагьы, ақьиара, аамсҭашәара злаз, згәы аартыз ауаҩы иаҳасабала аԥхарра аҵаны дигәалаиршәоит.

«Анцәа Аԥсны даҭәеишьеит ас еиԥш иҟаз ауаҩы хазына! Уи ибзоурала ҳара ҳтәыла зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала еиҭашьақәгылеит. Ҳара аибашьраан еиԥш уи ашьҭахьгьы изныкымкәа ҳаиқәшәахьан. Иара сара дшысзыҟаз, гәаартыла изыҟазаара ӷәӷәала аҭакԥхықәра сыднаҵон. Сара ахаангьы дысхашҭӡом ари згәы аартыз, ҷыдала аамсҭашәара злаз ауаҩы хазына», - ҳәа иҳәеит Леонид Осиа.

Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Витали Смыр Владислав Арӡынба иахь имоу аҳаҭырқәҵара атәы иҳәеит, уи лымкаала иԥсадгьыл ахь абзиабара илаз азгәеиҭеит. Иара Владислав Арӡынба аус анициуаз аамҭақәа рзы игәалашәарақәа иҭеиҳәеит, убри аан ас еиԥш иформалым аиԥыларақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу атәы иҳәеит.

«Сара насыԥ змоу уаҩуп ҳәа схы сԥхьаӡоит ас еиԥш иҟаз ауаҩы хаҭала дахьыздыруаз. Ари аԥсадгьыл аҵеи иашан, илшозгьы ҟаиҵеит  илымшозгьы илиршеит зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Ҳара уи атәы есымша иаҳгәалашәозароуп», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Гәыли Кьычба 1998 шықәсазы иҟалаз хҭыск лгәалалыршәеит. Уи лара лажәақәа рыла, Владислав Арӡынба иқәыз аҳаҭыр, иавторитет акы еиԥшымкәа иаанарԥшуеит.

Лара лажәақәа рыла усҟан лара амоҭа длоуит, ахәыҷы данылырҩаауаз аҽны Владислав Арӡынба лгәылҽанӡамкәа усмҩаԥгатәк ахь дцарц азы аҳәара ҟаиҵеит. Гәыли Кьычба илыздырамызт  лыҩны иҟоу аҭагылазаашьа атәы шизеиҭалҳәара, убри аҟнытә лара Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ-референтс иҟаз Раиса Погорелаиа ацхырааразы длыдҵаалеит.  Раиса Погорелаиа дақәшаҳаҭхеит Гәыли Кьычба лыԥшәма иахь дасны  Гәыли амаҵураныҟәарахь дшырышьҭуаз атәы аҳәара.  Гәыли Кьычба лыҩныҟа даныхынҳә, лыԥшәмахаҵа дылԥыло Раиса Николаи-иԥҳа дасуан, амаҵураныҟәарахь дрышьҭраны иҟоуп лҳәеит ҳәа адырра лиҭеит.  Гәыли уи мап ацәылкуа далагеит, уажәоуп амоҭа дансоуз, сабацои  ҳәа даацәажәеит. Аха лыԥшәма ихаҭа бцароуп ҳәа илыдигало далагеит.

«Шәазхәыц, шаҟа иавторитет дууз Владислав Григори-иԥа, – уи мап ицәкра акырӡа иуадаҩын», -ҳәа инаҵшьны  иазгәалҭеит Гәыли Кьычба.

Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә  Еилакы аԥҵара хаҭала иара иалахәхара шыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит.

«Сара сидеиа ақьаад ианҵаны, аурысшәахь еиҭаганы сҩыза даашьҭыхны Владислав Григори-иԥа иахь сҿынасхеит. Сыхшыҩҵак анысҳәоз уи дкылашьаз иаиуоз сыздыруамызт, аибашьра цон, аамҭа акыр иуадаҩын.  Сыхшыҩҵак анысҳәоз уи дкылашьаз иаиуоз сыздыруамызт, аибашьра цон, аамҭа акыр иуадаҩын. Аха иара ахшыҩзышьҭра аҭаны дысзыӡырҩит. Хәажәкырамза 23, 1993 шықәса рзы  арепатриациа азы Аилак аԥҵан. Иҟалап иара ихаҭа уи гәҭакыс имазҭгьы, аха иара ауаҩы изыӡырҩра, ижәлар ргәы иҵхоз аилкааразы имаз алшара ҷыдала иалкаатәуп», - ҳәа иҳәеит Октаи Ҷкотуа.

 

 

 

 


Read 42 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.