АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынҷкәын.2025

Есышықәсатәи арежиссиортә лабораториа «Сандро» мҩаԥысуеит ажьырныҳәамза анҵәамҭазы Аурыс драматә театр аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза  26 – 31 аҟынӡа  Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥыслоит есышықәсатәи арежиссиортә лабораториа «Сандро», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр ателеграмм-канал.

Аусура ашықәсқәа рыла алабораториа аспектакльқәа «Электра», «Рассказ мула старого Хабуга», «Пастух Махаз», «Земляника» аԥсҭазаара рынаҭеит. Алабораториа алахәылацәа – арежиссиорцәа атеатр аус ацура иацырҵоит.

2026 шықәсазы имҩаԥгахо алаборатории атема  – «Акиносахьақәа» ауп. Хәымш рыҩныҵҟа еицырдыруа урыстәылатәи арежиссиорцәа ахәаԥшцәа ирыдыргылалоит афильмқәа рмотивқәа рыла иаԥҵоу ԥхьаҟатәи аспектакльқәа рескизқәа.  Алабораториа аусура рхы аладырхәуеит М.С. Шьепкин ихьӡ зхоу атеатр атруппа артистцәеи астудентцәеи.

Алабораториа «Сандро» 2026 шықәса иалахәхо рыхьӡқәа:

  • Роман Габриа (Григори Козлов иҟазарҭа, ақ. Санкт-Петербург);
  • Алеқсеи Золотовицки (Олег Кудриашов иҟазарҭа, (РАТИ-ГИТИС), ақ. Москва);
  • Георги Сурков (Михаил Груздов иҟазарҭа, ақ. Рига).

Иара убас лескиз адгалара мҩаԥылгоит ГИТИС арежиссиортә факультет астудентка, Аурыс драматә театр иԥхьагылоу актриса Мадлена Барцыц (Олег Долини Валери Саркисови рҟазарҭа).

Ақәыргыламҭақәа рзы иалхыз афильмқәа рыхьӡқәа макьаназы имаӡоуп. Мацара еилкаауп уи аишьцәа Коенаа, Френсис Форд Коппола, уҳәа реиԥш иҟоу аҟазацәа рҟынтәи адунеи зегьы аҿы иазхаҵоу аклассика шакәхо.   

Аескизқәа аихшьаалатә арбара мҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 31, асааҭ 17:00 рзы. Аексперттә еилазаареи ахәаԥшцәеи иааиуа асезон азы аспектакль злырхраны иҟоу иреиӷьу аусура алыркаауеит.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.