АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны Ахада Атәылахьчара аминистрра Актәи хаз игоу амотошьаҟартә баталион даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Атәылахьчара аминистрра Актәи хаз игоу амотошьаҟартә баталион даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада амаҵзура ахысразы иҟоу аҭагылазаашьа, аибашьратә зыҟаҵара амҩаԥысшьа даҭааны ибеит, аррамаҵзурахь иааԥхьоу асолдаҭцәа драцәажәеит, архәҭақәа руадақәа дрыҩналаны ибеит.

Бадра Гәынба ирылеиҳәеит хара имгакәа иара идҵала аспециалистцәа-аргылаҩцәа архәҭақәа руадақәа рҭагылазаашьа иахәаԥшраны ишыҟоу, уи ашьҭахь ахыб арҿыцреи егьырҭ, зыда ԥсыхәа ыҟам аусурақәеи рымҩаԥгара иалагараны ишыҟоу.


Read 27 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынҷкәын 2025 18:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.