Азакәан апроект аҳәынҭқарратә кадастр аусхк аҿы аизыҟазаашьақәа еиҿызкаауа Аԥсны азакәанԥҵара еиҿкааны, шьаҿа-шьаҿала анагӡаразы аус адулан.
2024, 2025 шықәсақәа рзы ирыдыркылаз «Еиҭамҵуа амалзара акадастр азы» азакәани иҟоу анорма-зинтә шәҟәынҵақәа ихымԥадатәиу аиҭакрақәа ралагалареи аинфраструктура, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, алахәылацәа рзинеизыҟазаашьақәа реиқәыршәаразы аамҭацҵа аҭахуп. Уажәазы иахәҭоу азакәанеиҿкааратә шәҟәынҵақәа азхом, акадастртә закәанԥҵара ҿыц аԥҟарақәа зегьы рынагӡаразы атехникатәи аинформациатәи усбарҭақәа мазеиӡам, иара убас, анотариат иаку аинформациатә система аԥҵареи аус аруреи хымԥадатәиуп, ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаагатә бӷьыц аҿы. Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан аиҭакрақәа ралагалара ахымԥадатәра иҟоу анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рынагӡара иаԥырхагоуп ҳәа иаарԥшыз абарҭ аҭагылазаашьақәа ирыдҳәалахеит:
- Акадастртә система аусура аԥҟара ҳәаақәызҵо азакәанеиҿкааратә шәҟәынҵақәа азхом;
- необходимость доработки нормативных правовых актов Кабинета Министров и ведомственных актов органов государственной власти;
- Иҿыцу акадастртә закәанԥҵара аԥҟарақәа зегьы рынагӡаразы атехникатәи аинформациатәи аинфраструктура, аиқәыршәаразы аамҭацҵа аҭахуп;
- аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалареи акадастртә шәҟәҭагалареи рзы адыррақәа реимадаразы ихадоу елементны иҟоу анотариат иаку аинформациатә система аԥҵареи аус аруреи хымԥадатәиуп.
Иарбоу абарҭ аҭагылазаашьақәа зегьы амазаратә еизыҟазаашьақәа ирылаху рзинқәа реилагареи рзинеизыҟазаашьақәа реиқәымшәареи рзы ашәарҭарақәа аԥырҵоит. Убри инамаданы хазы игоу азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа (актқәа) рынагӡаразы ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алыршахаанӡа рзинмчы аамҭала аанкылара ахәҭаны иҟоуп.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытабаеиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан азинмчы аиура арыцхә ԥхынгәымза 1, 2027 шықәса ахь аиагаразы дықәгылоит.
«Уи анаҩс, ҳара анагӡаратә мчра иалкаау арыцхәқәа ирҭагӡаны аиҭакрақәа рзы ахатәы проект ҳадыргаларц. Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара уи адгылара шаҳҭо. Жәаҳәарада, акадастртә палата хымԥадатәны иҟоуп. Аха еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан ыҟазароуп. Ҳара аамҭа ҳақәшәо ҳцалароуп. Ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбара ауааԥсыра акыла ирԥырхагамхароуп. Уажәы алшара ыҟоуп иалкаау аамҭак иалагӡаны Акадастртә палата адыррақәа рбаза ахарҭәаара, азакәан алагаларала ицәырҵыз апроблемақәа рыҭҵаара. Уи иахәҭоу аиҭакрақәа ралагалара, иазымхо азакәан иацу ашәҟәынҵақәа (актқәа) рыдкылара, уҳәа рзы алшара ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит Дауҭ Хытаба.
Адепутат Инар Гыцба зегьы ареформақәа аҭахуп ҳәа ицәажәоит, аха усхкык аҿы ареформақәа ралагаларазы конкретла ауснагӡатәқәа ианрылагалак, иаразнак наҟ-ааҟ аҽыԥныҳәақәа рыҟаҵара иалагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Апарламент изныкымкәа-иҩынтәымкәа анагӡаратә мчра акадастр азы азакәан алагаларазы аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан зегьы ишахәҭоу ала иазхәыцны, ишәа-иза зҳәаз еиԥшь анагӡаразы алшара амазарц иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵон. Акадастр азы адискуссиа аимак-аиҿак зцу аилацәажәарақәа рахь рыиамгаразы, ҳара зегьы изалауа ала уи аԥҟарақәа рынагӡара алыршара ҳҽазаҳшәароуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Адепутат Кана Кәарҷиа иажәақәа рыла, еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан ахымԥадатәра аганахьала еиҿагыло агәаанагарақәа ҟамлароуп.
«Ҳара иҳадыргалаз (анагӡаратә мчра – аред АП азгәаҭа) апроектқәа проблемада иҳадаҳкылеит, аха ҳара урҭ инагӡаны иаҳзеилмыргаӡеит ҳәа агәаанагара цәырҵуеит. Аҵыхтәантәи аамҭазы ҳара ҳахь иаашьҭхоит азакәан апроектқәа дуӡӡақәа, урҭ инагӡаны реилкаара акәым, рыԥхьарагьы аныуадаҩугьы ыҟоуп. Ҳаа агәрагарала азакәан апроект (еиҭамҵуа амазара акадастр азы – аред. АП азгәаҭа) анҳадаҳкыла, аус аҿы ишеилкаахаз ала, ҳара џьара акы ҳалаԥш иҵамшәаӡакәа иаанхеит. Аус аҿы ари аҩыжьра зегьы ҳзы хра злам ахҟьаԥҟьақәа ацны иҟалеит», – ҳәа иҳәеит Кан Кәарҷия. Уи иара убас иациҵеит Дауҭ Хәытаба акадастр азы азакәан азакәанмчы аиура арыцхә ԥхынгәымза 1, 2027 шықәса ахь аиагаразы иҟаиҵаз ажәаларгала дшадгыло азгәеиҭеит.
Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба еиҭамҵуа амазара акадастр азакәан ахь аиҭакрақәак рыдгалара ҟаиҵеит.
Уи еизаз иргәалаиршәеит адгьылтә кадастр аԥҵара аӡбахә 2010 шықәса раахыижьҭеи ишырҳәо.
Дмитри Шамба азакәан азинмчы аиура арыцхә аиҭагара мацарала ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбара залыршахом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Сара адепутатцәа рахь аҳәара ҟасҵоит аиҭакрақәа адгылара арҭарц. Усҟан ҳара азакәан азинмчы аиура арыцхә анаскьагара мацара акәымкәа, азакәан азинмчы аиура иацхраауа абжьазааратә ԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәара ҳалшоит. Зыӡбахә сымоу ахәҭаҷ 78 ауп, уи азакәан анагӡара амеханизм арбоуп, еиҭа инҭкааны иуҳәозар, ихымԥадатәиу азакәан иацу актқәа, иара убас азинмчы змоу аусбарҭақәа иахәҭоу аинформациа Акадастртә палата ахь анышьҭра ԥхықәраны ирыдызҵо анормақәа рыдкылара. Иара убас, уи абжьазааратә аамҭахәҭазы анагӡаратә мчра азакәан аиӷьәтәразы иахәҭоу ажәалагалақәа реиқәыршәаразы алшара рзаԥнаҵоит», – ҳәа иҳеит Дмитри Шамба.
Дмитри Шамба иажәалагалақәа апрофильтә Еилакы аҿы рылацәажәаразы адепутатцәа аамҭала аилатәара ааныркылеит.






