АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынба Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс аусзуҩцәа обиект аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны атуристтә обиект хадақәа ируаку аиубилеи уи аусзуҩцәа ирыдныҳәало, Бадра Гәынба иазгәаиҭеит:

«Ҳаҭыр зқәу  иахьатәи аиԥылара иалахәу ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра арыцхә! Ари аамҭа иалагӡаны Афонҿыцтәи аҳаԥы Аԥсны асимволқәа ируакны иҟалеит. Уи аҭбаара, иблахкыгоу азалқәа рыԥшӡара идыршанхоит аҩныҵҟа иҭаланы избо зегьы.

Иахьа аиубилеи аҽны даҳгәалаҳаршәоит ари аԥсабара амаӡа аартра зыбзоуроу, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы, аскульптор  Гиви Смыр. Уи игәымшәареи, иеилҟьареи, иԥсадгьыл ахь имаз агәбылреи ирыбзоураны иаартуп адунеи зегь еицырдыруа Афонҿыцтәи аҳаԥы.

Исҭахуп иара убас иҭабуп ҳәа шәасҳәарц шықәсырацәала ари атуристтә наплакы иазааԥсо аусзуҩцәа.  Шәара ишәыхьчоит ҳаԥсадгьыл абеиара, шәазгәдуны аҭааҩцәа ирзеиҭашәҳәоит уи аҭоурых, гәаартыла шәырԥылоит асасцәа.  

Акыр иаԥсоу аколлектив ахаҭарнакцәа! Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҿы аихьӡара дуқәа.  Еицакра ақәымзааит аринахысгьы Аԥсны жәлар ргәадурақәа ируакыу Афонҿыцтәи аҳаԥы».

Анаҩс шықәсырацәала аџьабаа збахьоу аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акурорти атуризми русзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьан АУН Г.Ш. Смыр ихьӡ зху «Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» аусзуҩцәа:

АҨӠБА ГалинаҲақы-иԥҳа,

АГРБА Лаура Аполлон-иԥҳа,

АИБА Лариса Виссарион-иԥҳа,

АНҚӘАБ Лиудмила Расим-иԥҳа,

АНҚӘАБ Сусанна Хаиҭбе-иԥҳа,

АХБА Лиудмила Давид-иԥҳа,

КОӶОНИА Римма Арзаман-иԥҳа,

ЛАКОИА Циала Константин-иԥҳа,

МАЛИА Иулиа Роман-иԥҳа,

МАТУА Клавдиа Камыгә-иԥҳа,

ԤАНДАРИа Беслан Акаки-иԥа,

ҬРАԤШЬ Луиза Тыкәа-иԥҳа.

 

 

 

 


Read 54 times - Ахәаша, 12 Ԥхынҷкәын 2025 15:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.