АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:12

Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан азинмчы аиура арыцхә 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 ахь ииаргеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.

«Ахәҭаҷ 78 иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәан азинмчы аиуеит ԥхынгәымза  1, 2027 шықәса рзы, ахы 10 (ахәҭаҷқәа 63 - 69) уахь иналамҵакәа, уи азинмчы аиуеит рашәарамза 1, 2025 шықәса рзы. Аминистрцәа Реилазаара иадҵоуп:

1) ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәса иахымгакәа анормативтә зинтә шәҟәынҵақәа зегьы иарбоу азакәан иашьашәало аҟаҵара;

2) Ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәса иахымгакәа аусдырра (акомпетенциа) аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбоу азакәан анагӡара алзыршо анорма-зинтә шәҟәынҵақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи алыршара;

3) Ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәса иахымгакәа анотариат иаку аинформациатә система аԥҵара  аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи уи аусуралшара аиқәыршәареи;

4) Иарбоу азакәан азинмчы аиуаанӡа абри азакәан иаҿагыло Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иҭрыжьыз анорма-зинтә  шәҟәынҵақәа реиҭахәаԥра (раԥыхра) алыршара, иара убас ишьақәыргылоу аусдырра (акомпетенциа) аҳәаақәа ирҭагӡаны абри азакәан анагӡара алзыршо анорма-зинтә шәҟәынҵақәа (актқәа) реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи ралыршара.

Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан ахәҭаҷ 73 ахәҭа 1 иарбоу  аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи иарбоу азакәан азинмчы аиура ҟалаанӡа иарбоу азакәан ахәҭаҷ 73 ахәҭа І иабоу аусшәҟәқәеи адыррақәеи Ашәҟәҭагаларатә усбарҭа ахь рдәықәҵара алыршара, (мамзаргьы) Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз аԥҟара инақәыршәаны Ашәҟәҭагаларатә усбарҭа иарбоу аушәҟәқәа рҟынӡа анаӡара алыршара.

Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә кадастртә палата агәылҩаақәа рышьаҭала имҩаԥгаз атәылауаҩра-зинтә еилаӡарақәа, иарбоу азакәан азинмчы аиуаанӡа,  аиуристтә мчы шрымоу иаанхоит.

Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәымза 1, 2027 шықәса рҟынӡа ԥхынҷкәынмза  6, 2024 шықәса рзы ирыдыркылаз  «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Ареспублика Аԥсны азакәан анагӡара азы ирыдыркылаз анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рзинмчы аамҭала иаанкылазароуп.


Read 95 times - Ахаша, 10 Ԥхынҷкәын 2025 15:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.