«Аԥшааратә усурақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи аҳҭнықалақь адаивинг-клуби рҟынтәи аӡхәыҵалацәа, зынӡа ааҩык ыҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Тигран Делибалтиан.
Аԥшааратә усурақәа рцашьа ахылаԥшра арҭон атәыла аԥыза-минстр Владимир Делбеи аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡхәыҵалацәа зыԥшаара иаҿу ахаҵа Важьа Зарандиа иоуп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
«Избаз ишырҳәаз ала, мышкы аԥхьа ахаҵа амшын дҭан, аха иара нас аҩныҟа дыхнымҳәит. Имаҭәақәа амшын аҟәараҿы иаанхеит. Аԥшаарақәа аӡхәыҵалацәеи аӡсаратә хархәагақәеи алархәуп», — ҳәа «Аԥсныпресс» иазеиҭеиҳәеит иара.
Лаҵарамза 5, 1992 шықәса рзы Важьа Зарандиа Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩыс дҟаҵан. Ари амаҵураҭыԥ аҿы иара аус иуан 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы. Анаҩс, ԥхынҷкәынмза 1993 шықәса инаркны мшаԥымза 1994 шықәсанӡа, Гал араион ахадас дыҟан.






