Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсныпресс ахь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, сааҭк аԥхьа Москва ақалақь, Н.Н. Бурденко ихьӡ зху Амилаҭтә амедицинатә анеирохирургиа аҭҵааратә Центр аҿы иԥсҭазаара далҵит 45-шықәа зхыҵуаз апациент Алмас Кәыҵниа.
Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәыматәи амҩа ала иҟалаз ахысра иахҟьаны хәҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз зегьы ахәышәтәырҭахь инаган. Аҳақьымцәа разгәаҭарала, ҩыџьа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩын. Абҵара 13 рзы урҭ руаӡәк Руслан Адлеиба Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аҟәатәи апрокуратурала ашьаус хацыркын. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала иҭаркит Шьараҭ Џьыкырба, Асҭамыр Шьынқәба, Мхаз Агрба.
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/18546-skonchalsya-vtoroj-postradavshij-v-rezultate-strelby-11-noyabrya-v-sukhume.
© АПСНЫПРЕСС.






