АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:21

Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аҿы есымша аус зуа акомиссиақәа 14 аԥҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аабатәи ааԥхьара аҩбатәи аилатәара аҿы адепутатцәа изаамҭанытәиу аусура аструктура ашьақәыргылара рҽазыркит. Ихадоу амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылан 14 есымша аус зуа акомиссиақәа раԥҵара — урҭ роуп Аҟәа ақалақьтә Еизара ақалақь ауааԥсыра ргәы иҵхо рызҵаарақәа ишазхьаԥшло, аҳҭнықалақь ихадоу ауснагӡатәқәа рыӡбашьас ианаҭо ҳәаақәызҵало.

Аҟәа  ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа еизаз иргәалаиршәеит, акомиссиақәа рҿы ишымҩаԥысуа аусура аиҳарак: араҟоуп ауааԥсыра раԥхьарақәа иахьрыхәаԥшуа, араҟоуп абиуџьеттәи адгьылтәи азҵаарақәа ахьеилдырго, араҟоуп аԥшьгарақәа ҭҵааны аӡбамҭақәа рыпроектқәа ахьышьақәдыргыло. Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш анапынҵақәа реихшара адепутатцәа аҭакԥхықәрала рус азнеира рыднаҵоит. Акомиссиақәа ихымԥадатәиу аматериалқәа ақалақь Ахадара аусбарҭақәа рҟынтәи раиразы азыҳәамҭақәа дәықәырҵалар алшоит, аекспертцәа адыԥхьаланы аус рыцуреи урҭ алархәны аилатәарақәа рымҩаԥгареи. Дмитри Осиа иазгәеиҭеит, ахантәаҩцәа ралхраан акыр аҵакы шамоу аԥышәеи аҵарадырреи рыдагьы иколлегацәа русура аиҿкаара азы алшарагьы. Аизара иҿыцу ааԥхьараҿы ҿыц  иалхуи ҩаԥхьа иалхуи рхыԥхьаӡара еиҟароуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Урҭ русеицура алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа иазыԥшуп.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Инал Кьышьмариа, акандидатурақәа рыдгалара мҩаԥго, апрофессионалла, аартра, акомиссиа апозициа аилкаара аколлегацәа рҟынӡа еиԥш ауаажәларра рҟынӡагьы имарианы азнагара алшара, уҳәа хра злоу аҟазшьақәа аликаауан.  

Арегламент инақәыршәаны, акомиссиақәа рхантәаҩцәа имаӡоу абжьыҭарала иалырхит. Абжьыҭара ашьҭахь еилкаахеит 14 комиссиақәа зегьы рнапхгаҩцәа. Зегьы реиҳа идуу акомиссиахеит абиуџьеи ашәахтәқәеи афинансқәеи аекономикеи азԥхьагәаҭареи рзы акомиссиа: уи аилазаара иалалеит 10-ҩык адепутатцәа,  акомиссиа ахантәаҩыс далырхит Беслан Кәыҵниа, иара абжьыҭара иалахәыз 19-ҩык рҟынтәи 13 –ҩык рыбжьы ирҭеит.

Аҟәа ақалақьтә Еизара акомиссиақәа ахантәаҩцәас иҟалеит:

  • Аргылареи архитектуреи амҩақәа рыхьӡқәа рыԥсахреи рзы акомиссиа — Давид Шьакаиа;
  • асоциалтә политикеи агәабзиарахьчареи рзы акомиссиа — Беслан Барганџьиа;
  • Аҵарадырра, анаука, акультуреи арелигиеи рзы акомиссиа — Инал Ҭыжәба;
  • Абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рзы акомиссиа— Инал Амҷба;
  • Аҿартә политикеи аусмҩаԥгатәқәеи аӡыргареи реиҿкааразы акомиссиа — Аик Каленџьиан;
  • Аветеранцәа русқәа, аррақәранӡатәи азыҟаҵареи ауаажәларратә шәарҭадареи рзы акомиссиа — Лаша Кәыҵниа;
  • аконтрол-ревизиатә комиссиа — Роман Кәтарба;
  • адгьылтә еизыҟазаашьақәа, амуниципалтә мазареи априватизациеи рзы акомиссиа — Виачеслав Делба;
  • жәларбжьаратәи аимадареи аџьынџьуаа рымадареи рзы акомиссиа — Баҭал Ешба;
  • Анхара-коммуналтә нхамҩеи аенергетикеи рзы акомиссиа — Асҭамыр Гемуа;
  • Ауаажәларратә транспорти амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадареи рзы акомиссиа— Енвер Чамагәуа;
  • Аҳҭнықалақь аҩнусбарҭақәа аус рыцуразы акомиссиа— Денис Инаԥшьба;
  • аекологиа, атуризми аԥстәқәа рызҵаарақәеи рзы акомиссиа — Ельвира Бераиа.

Адепутатцәа иара убас Давид Шьакаиа ақалақьтә обиектқәа ахьӡқәа рыхҵареи ахьӡқәа рыԥсахреи рзы Ауаажәларратә комиссиа аилазаара даларҵеит. 2022 шықәсазы иаԥҵаз, Аԥснытәи Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба напхгара зиҭо ари акомиссиа аҵарауаа, аҳҭнықалақь Ахадара, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ААУ, атәылахьчара Аминистрра, уҳәа ахаҭарнакцәа еиднакылоит. Уи абжьгарақәа рыла ишьаҭаркхоит ақалақьтә Еизара аҵыхәтәан иаднакыло аӡбамҭақәа. 

 

 

 

 


Read 52 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.