АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:21

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы анапхгаратә еилазаара аизара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоператив-мобилизациатә еизара мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә Арбџьармчқәа рҿы ԥхынҷкәынмза  1 азы аҵарашықәс ҿыц  алагара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Аизара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Аизара иалахәыз рахь ихы рханы иара Аҳәынҭқарра Ахада, Адҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба ихьӡала ахатәы еилазаара аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит. Уи аруаа рзанааҭтә дырра аизырҳара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәаразы хра злоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадоу.

Убри инамаданы иара иҳәеит аԥыжәара шарҭо аруаа рзы амаҵзура-бзазаратәи ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, арҵаратә система арҿыцра, аҵара-материалтә база арӷәӷәара. Беслан Бигәаа иажәақәа рыла, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит атәыла ашәарҭадара асистема акомпонентқәа зегьы рыҿиара, аҳәынҭқарратә, арратә, ауаажәларратә, аинформациатәи аекономикатәи уахь иналаҵаны.

Иара убас, Арбџьармчқәа реиӷьтәреи, ҳаамҭазтәи азнеишьақәа раларҵәареи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, иааиуа аамҭахәҭазы ихадоу аусуратә хырхарҭақәеи ирызку ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит.

Беслан Бигәаа архәҭақәа зегьы рмобиллеи рманиоврлшарақәеи рышьҭыхра шхымԥадатәиу, ҳаамҭа иақәшәо аибашьратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара истандартым аформақәа ралагалара шаҭаху азгәеиҭеит.

Аизараҿы ирыхәаԥшит иара убас аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы, ирылацәажәеит 2026-тәи аҵарашықәс азы Арбџьармчқәа разыҟаҵаразы Адҵаҟаҵаҩ Хада иқәиргылаз аиҿкаара-методикатә дҵақәа, иара убас иааиуа аамҭахәҭазы аусура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит.  


Read 49 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.