АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:22

Аҳәынҭқарратә експертизазы аусбарҭа Хада аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ “Адлер” ареконструкциа иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҳәааргылара аусбарҭа (Росгранстрой) Урыстәыла Аҳәынҭқарратә експертизазы аусбарҭа Хада аҟынтәи атәылаҿы зегьы реиҳа ақәыӷәӷәара змоу Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иҟоу автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» ареконструкциа амҩаԥгара ишақәшаҳаҭу азы алкаа аиуит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра.

Жәларбжьаратәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» апассаџьыртә трафик аганахьала зегьы раасҭа ақәыӷәӷәара змоу обиектны иҟоуп. Убас, уи аушьҭра-гәаҭаратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 28 нызықьҩык ауааи, 1,5 нызықь атранспорттә хархәагақәеи рҟынӡа инаӡоит. Убри аан, Урыстәылатәи Афедерациа атраспорт Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, асезон ашыкьаҳәымҭаз уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 70 нызықьҩык ауааԥсыреи 12 нызықь автотранспорттә хархәагақәеи. 2024 шықәсазы ари аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ ала аҳәаа иахысит 3 млн. инарзынаԥшуа автомашьынақәа.  

Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер»  амилаҭтә проект «Аеффективра злоу атранспорттә система» ала амдернизациа мҩаԥгахоит.

Ареконструкциа иазку аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ашьҭахь аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аушьҭратә лшара акыр еизҳауеит. Уи уахыки ҽнаки рыла иахысыр рылшоит 9,5 рыла еиҳаны атранспорттә хархәагақәа -  1,5 нызықь инаркны 14,1 нызықь рҟынӡа 3-нтә еиҳаны апассаџьырцәа -  28 нызықьҩык рҟынтәи 80,5 нызықьҩык рҟынӡа. Аиасразы ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара 28 рҟынӡа инаӡалоит, аамҭак ала аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ аҿы 100 инарзынаԥшуа автомашьынақәа рышәҟәҭагалара алыршахоит, амашьыналасқәа, аидарамҩангагақәа, зоура зыҭбаара маҷу атранспорт, аминивенқәа, автобусқәа уахь иналаҵаны.


Read 58 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.