АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 14:03

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициа иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа обиективла иаанарԥшуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 3 рзы агазеҭ «Известиа» аҟны икьыԥхьу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы иқәыргылоу азҵаарақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааннакыло апозициа аилыркааразы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

 

***

«2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 3 рзы агазеҭ «Известиа» аҟны икьыԥхьу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы иқәыргылоу азҵаарақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааннакыло апозициа аилыркаара хымԥадатәины иҳаԥхьаӡоит.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициа иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа обиективла иаанарԥшуеит. Қарҭ, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала азхаҵара мап ацәнакырц иазыҟанаҵо адҵа адиалог аконструктивтә шьаҭа ацәнарӡуеит. 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны асуверенитет азханаҵеит. Уи, аҭоурыхтә контексти аԥсуа жәлар ргәазыҳәареи ҳасаб рзуны иҟаҵаз, зин-политикатә фактуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра астатус алацәажәара акәзар, хҳәаа змам усуп.

Қырҭтәыла имҩаԥнаго Аԥсны жәларбжьаратәи аҭахкаареи иарбанзаалак аимадарақәа рыԥкреи ирыдҳәалоу аполитика аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ихадоу ԥынгыланы иҟоуп.

Аполитикатә уадаҩрақәа шыҟоугьы, ауааԥсыра ринтересқәа ирықәшәо апрагматикатә усеицуразы арегион аҿы алшарақәа ыҟоуп. Уи ус шакәуу шаҳаҭра ауеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ахәаахәҭратә мҽхакы ахьеизҳауа, арегион аҿы ихадоу атранспорттәи алогистикатәи коридор хадақәа рыла аидарақәа рымҩангара аҽахьарҭбаауа, аҳаиреимадареи, атуризми, акультуратә еимдареи рыҟазаара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра, исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, ашәарҭадареи агуманитартә усхкқәеигьы уахь иналаҵаны, аҭышәынтәалара иадгылоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала апрактикатә диалог азы иаартуп. Ас еиԥш аиҿцәажәара алыршахоит иҟоу аполитика-зинтәи ҭагылазаашьа азхьаԥшра аҭарала мацара. Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара астратегиатә еиҩызара Аԥсни, иааизакны арегион аҿи аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп.

Аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәаларазы, ақырҭуа ган аконструктивтә знеишьа аанарԥшыроуп, аультиматумқәа мап рыцәкны, адиалог аԥкразы имҩаԥнаго аполитика ааннакылароуп», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

 

 


Read 11 times - Аԥшьаша, 04 Ԥхынҷкәын 2025 13:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.