АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 14:44

Ԥшьҩык аԥснытәи анапылампыласыҩцәа аспорт азҟазарахь акандидат ҳәа ахьӡқәа ранашьахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы ԥшьҩык аԥснытәи анапылампыласыҩцәа аспорт азҟазарахь акандидатцәа ҳәа аршаҳаҭгақәа роуит.

Аспорт азҟазарахь акандидат иразриад роуит Алеқсандр Волков, Антон Пантелеев, Емран Кәаӡбеи Константин Маркориани.

Аспортсменцәа дрыдныҳәалеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба:

«Ишәыдысныҳәалоит аспорт азҟазарахь акандидат иразриад аиура. Ари шәара шәџьабаа хра злоу алҵшәа ауп. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, ҳреспублика иҵегьы ахьӡ ҭыжәгартә еиԥш аихьӡара дуқәа!».

Аразриадқәа ранашьара мҩаԥысит Иаку ареспубликатә спорттә классификациа (ЕРСК) азы Аԥҟареи 2025 шықәса рашәарамза 20, нанҳәамза 12 рзы апрофильтә комиссиа аӡбамҭақәеи инарықәыршәаны.


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.