АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 14:05

Аҟәа ақалақь ахада Аҟәатәи афымцастанциа (СУЭС) аԥыхразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба амуниципалтә унитартә наплакы «Аҟәатәи афымцацәаҳәақәа русбарҭа» аԥыхразы адҵа инапы аҵаиҩит.  

Аӡбамҭа адкылара мҩаԥысит «Афымцамч азы» азакәан ахәҭаҷ 23 анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи инақәыршәаны аминистрцәа Реилазаара ареспублика араионқәеи Аҟәа ақалақь амуниципалтә хатәраҿы иҟоу афымцамч аобиектқәа анаҩс зегьы аушьҭратәи аихшаратәи аҳақәа Иаку аоператор анхамҩатә напхгараҭара ахь аиагарала ареспубликатә хатәрахьы аиагара ҭакԥхықәраны иадуп.  

Адҵа инақәыршәаны аԥыхратә комиссиа аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭоит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба. Акомиссиа адҵа аҭоуп анаплакы аԥыхра ахыркәшаразы иҟоу азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо апроцедурақәа зегьы рымҩаԥгара.

Адҵа аҟаҵаразы ишьаҭаны иҟалеит амуниципалтә афымцамчтә обиектқәа ареспубликатә хатәра ахь аиагаразы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵала иаԥшьгаз аенергетика аминистр иҟаиҵаз ааԥхьара.


Read 167 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.