15 класс рҿы ишьақәыргылан 8,5 нызықь цыра рҟынӡа аинвентар. Аклассқәа еиҭашьақәыргылоуп, аноутбукқәа, аинтерактивтә ӷәқәа, аҵаратә ҩнымаҭәа, аҵара-методикатәи адидактикатә лабҿабатәи ацхыраагӡатә материалқәа: ажәарқәа, асахьаркыратә литература, аишәатә хәмаррақәа, адемонстрациатә материалқәа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп.
Апроект иалаху ашколқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аҟәа, Ҭҟәарчал, Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҟынтәи ашколқәа, ареспублика аҿы аус зуа ашкол-интернатқәа рыԥшьбагьы уахь иналаҵаны.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба 15 класс ахархәарахь рыҭаразы асертификат лоухьеит.
«Ҳаамҭа иақәшәо аурыс бызшәеи алитературеи рҵара иазку жәохә класс раартра – ари акыр зҵазкуа хҭысуп Аԥсны аҵарадырра асистема азы. Апроект «Россия – мои горизонты» ҳашколхәыҷқәеи ҳарҵаҩцәеи рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит. Уи ҳхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ахь аинвестициа адагьы, Аԥсни Урыстәылеи еимаздо, реимабзиаратә езыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоу цҳауп. Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари апроект анагӡара зхы алазырхәз зегьы, ҳақәгәыӷуеит 2026 шықәсазы егьырҭ амаҭәарқәа рзыҳәангьы аиԥш-зеиԥшу апроектқәа рынагӡара алыршахап ҳәа», –илҳәеит Хана Гәынба.
Апроект иара убас аклассқәа рҿы аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа рыла еиқәыршәоу, урыстәылатәи ашколқәа рҿы ахархәара змоу ацифратә ресурсқәеи апрограмматә еиқәыршәареи ралагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас, араҟа ицәырҵит «Билет в будущее» ҳәа изышьҭоу азанааҭхырхарҭа Иаку амодель азанааҭхырхарҭатә диагностикақәа рахь рынаӡара.
Арҵаҩцәа ҿыц иаԥҵоу аклассқәа рҿы аусура иалагоит ԥхынҷкәынмза 2025 шықәса инаркны. Иазгәаҭатәуп, аспециалистцәа активла рхы аладырхәуеит апроект «Учу великому», уи Урыстәыла аҵара Аминистрра адгыларала аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа рзы инагӡахоит.






