АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 13:16

ААУ раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалаҩцәа рзы аквалификациатә ԥышәарақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалаҩцәа рзы аквалификациатә ԥышәарақәа мҩаԥыргеит. Адыррақәа ргәаҭара иахысит ааигәа ззанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхра азы иҷыдоу акурсқәа ирхысыз Ареспублика Аԥсны адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәа. Абри  азы адырра ҟанаҵоит ААУ а-Telegram-канал.

Аԥышәара аҭиара апроцедура «Еиҭамҵуа амазара азы» азакәани аминистрцәа Реилазаара аԥышәарақәа рымҩаԥгаразы ишьақәнаргылаз аԥҟарақәеи уахь налаҵаны, Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны имҩаԥысит.

Аԥышәарадкыларатә комиссиа напхгара аиҭон Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Адамыр Аҳәба. Акомиссиа аилазаараҿы иҟан зхыԥша дуу еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы, Акадастртә палата ахаҭарнакцәеи ААУ арҵаҩцәеи уахь иналаҵаны.  

Аԥышәара иахысуаз қәҿиарала аԥышәара иахысырц азы ԥшь зҵаарак рҟынтәи х-зҵаарак еиҵамкәа рҭак ииашаны иҟарҵар акәын. Аԥышәара иахысуаз рыдҵақәа зегьы қәиарала инарыгӡеит, иара убри ала аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалаҩцәа раҳаабала рзанаааҭтә ҩаӡара шьақәдырәӷәеит.

Аԥышәара аиҿкааҩцәа аԥышәара зҭиуаз зегьы аԥышәарақәа рхыркәшара рыдырныҳәалеит, рзанааҭтә усура аҿы ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит.


Read 179 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.