АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2022

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДЫРГА АХҲӘААИ АХАРХӘАРЕИ РЫЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Апарламент аҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә дырга ахҳәааи ахархәареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак инарҭбаау аилатәараҟны имҩаԥысит Аԥсны аҳәынҭқарратә дырга ахҳәааи официалла ахархәара аԥҟара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.

Аилак ахантәаҩы Венори Бебиа имҩаԥигаз аилатәара иалахәын: Даур Ақаҩба – АА акультура аминистр, Лиусиа Гамгьиа –  асахьаҭыхҩы, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳәынҭқарратә дыргақәеи рескизқәа равтор Валери Гамгьиа (29.09.1944 - 21.10.1992) иаҳәшьа, аскульптор Амиран Адлеиба.

Аилатәараҟны ицәырган аус зуа «Аԥсны аҳәынҭқарратә герб азы», «Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ азы» азакәанқәа рхархәара иадҳәалоу атемақәа, иара убас абираҟи агерби рыхҳәаа азҵаарагьы.

Адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ари азҵаара ҭҵааны иақәнагоу ажәалагалақәа разырхиаразы.

 


Read 335 times - Ахәаша, 14 Жьҭаара 2022 19:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.