АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жьҭаара.2022

ЛАША АШӘБАААУ АРЕКТОРИ АКОЛЛЕКТИВИ АҴАРАИУРҬА 90 – ШЫҚӘСАХЫҴРАТӘ АИУБИЛЕИ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректори аколлективи аҵараиурҭа 90 - шықәсахыҵратә иубилеи рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Алеко Алеқсеи-иԥа!

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ишәыдаҳныҳәалоит аҵак ду змоу аиубилеи – Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет 90-шықәса ахыҵра арыцхә.

Ахә ашьара уадаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ауниверситет инанагӡо ароль, ҳауаажәлар аӡәырҩы рыԥсҭазаара иара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

Арҭ ашықәсқәа зегьы ААУ аколлектив аҵараиурҭа ашьақәгылареи аҿиареи амҩа ду ианысит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи  Аԥсадгьыл ахьчаразы игылан – 94-ҩык уи рхы ақәырҵеит. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит!

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара есқьынгьы ишьақәгылан аҟыбаҩ бзиа змаз, ааԥсара ззымдыруаз, Аԥсадгьыл апатриотцәа рыла. Иахьагьы шәара шәколлектив еиднакылоит аҿар разыҟаҵаразы иреиӷьу атрадициақәа ирықәныҟәо, аҵараиурҭа ашьапы зкыз  шықәсырацәала иныҟәыргоз аидеиақәа рынагӡара иаҿу аусзуҩцәа.

Шәара ахаангьы ҳтәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара агәҭа шәгылан, жәлар рынхамҩа аҭахрақәа ҳасаб рзуны, арҵаҩратә, аҭҵаарадырратә усураҟны ҳаамҭазтәи ахырхарҭақәеи азнеишьақәеи шәрықәныҟәоит. Аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара асистема аиҿкааразы акадртә лшара ахаҭабзиара - шәара шәзы апрофессионализм азы ихадоу шәага-загоуп.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны иазыҟаҵоуп ҳреспублика аҵараиура, аҭҵаарадырра, аекономика, акультура, аспорт рыҿиараҿы злагаламҭа дуу аспециалистцәа рабиԥарақәа.

Агәра аагоит абас, акыр шықәсала ҳунеиверситет ишааӡало зырҵаҩцәа рԥышәеи, рхыԥшеи иаҿыԥшны адырра ҿыцқәа риура, зинтеллект аизырҳара иашьҭоу астудентцәа рабиԥара ҿыцқәа.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ҳаԥхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп дарбанзаалак Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ еиԥш, аҳәынҭқарра зегьы азгьы аҵак ду змоу алҵшәақәа риуразы.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны".


Read 372 times - Ахәаша, 14 Жьҭаара 2022 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.