АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА, АРБЏЬАР МЧҚӘА РЫДҴАҞАҴАҨ ХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АДГЬЫЛҴАКЫРАТӘ ХЬЧАРА ИАЗКЫЗ АШТАБ АИЛАТӘАРА ДАЛАХӘЫН.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа адгьылҵакыратә хьчара иазкыз аштаб аилатәара далахәын.

Амчратә блок алархәны атәылахьчараҟны имҩаԥысыз аилатәараҟны иалацәажәеит арра-политикатә ҭагылазаашьа. Ирзыӡырҩит амобилизациатә зыҟаҵара, ар рматериалтә – техникатә еиқәыршәара аиӷьтәра иазкыз ажәахәқәа.

Аилатәараҟны Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа риҭеит амчқәа зегьы атәыла ашәарҭадареи ахьчареи алзыршо амобилизациатә зыҟаҵара иақәнагоу аҩаӡараҟынӡа адгылара аҭара иазыркырц.

 

 

 


Read 318 times - Ахәаша, 14 Жьҭаара 2022 19:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.