АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Жьҭаара.2025

Агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа аконгресс «Национальное здравоохранение» ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа  Москва ақалақь аҿы жьҭаарамза 22–23 рзы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи алахәыларала IV Амилаҭтә конгресс «Национальное здравоохранение» ахы аланархәуеит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба,  Ареспубликатә хәышәхтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо  Ерик Ҳаҭхәа, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым- арентгенолог Сариа Лакобеи.

IV Аконгресс апрограмма иалагалоуп амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара анапхгараҭара, афедералтә проектқәа рынагӡара, агәабзиарахьчара асистема афинанстә ҭышәынтәалара алыршара,  аусхкы ауаҩытәыҩсатә капитал арҿиара, аинфраструктура анапхгараҭареи аресурсттә еиқәыршәареи, ацифратә трансформациа, агәабзиара аиҷаҳара алзыфршо аҭагылазаашьақәа раԥҵара, изҩыдоу акрыфара апопулиаризациа, уҳәа ирыдҳәалоу ихадоу азҵаарақәа.

Едуард Быҭәба аусмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәуеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иааԥхьарала.

Аконгресс иара убас рхы аладырхәуеит: Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Оксана Лут, Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин,  Липецктәи аобласть агубернатор Игорь Артамонов, Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк» («Сбербанк») апрезидент, анапхгараҭара ахантәаҩы Герман Греф, Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху  аепидемиологиеи амикробиологиеи  рзы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Денис Логунов, Урыстәыла Афедералтә амедицина-биологиатә Агентра анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Татиана Иаковлева, Афедералтә маҵзура «Урыстәылагәабзиарахьчарахылаԥшра» («Росздравнадзор») анапхгаҩы Алла Самоилова, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра агәабзиарахьчара аинформатизациеи аиҿкаареи рзы аҭҵаара-дырратә Институт Хада адиректор Ольга Кобиакова, уҳәа убас егьырҭгьы.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 44 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.