Аиԥылара иалахәыз ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит иҟоу амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганктәи аусеицура арҿиара азҵаара. Аганқәа рхаҭарнакцәа уи анагӡаразы иҟаҵатәу иалкааны иалацәажәеит, иара убас ахәыҷы изиқәа рыхьчаразы аинститут аҿаԥхьа иқәгылоу актуалра злоу егьырҭ азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан иара убас Аԥсны ахәыҷра ахьчара иадҳәалоу асистематә зҵаарақәагьы. Аԥсуа ган ихадароу атемақәа жәпакы азгәанаҭеит:
- ахәыҷтәы психиатриатә усбарҭақәа рыҿиара,
- амедицинатә маругақәа реиҭарҿыцра,
- ахәыҷқәа акибершәарҭарақәа рацәыхьчара.
Аиԥылара ашьҭахь Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ркультуратә еизааигәара асимвол аҳасабала Мариа Львова-Белова ҳамҭас илылҭеит Фазиль Искандер иновелла ала агәаларшәаратә ԥараҿырпы «Чик».
Аиԥылара агәреибагаратә, аиҩызаратә ҟазшьа аҵаны имҩаԥысит. Уи ҩаԥхьа иарҵабыргит аҩганк ахәыҷқәа рзинқәеи рзакәантә интересқәеи рыхьчара иазырханы аринахысгьы аусеицура ишазхиоу.






