АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:17

Аԥснытәи аделегациа Красноиарск имҩаԥысуа III Урыстәылатәи асасдкылара афорум аусура ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22. 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны аделегациа Красноиарск имҩаԥысуа III Урыстәылатәи асасдкылара афорум аусура ахы аланархәуеит. Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пономаренко.

Аусмҩаԥгатә актәи амш азы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Вараздат Миносиан зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа афорум еиуеиԥшым атематикатә сессиақәа рхы аладырхәит.  

Красноиарск иара убас имҩаԥысит Аԥснынтәи ара аҵара зҵо астудентцәа рԥылара. Урҭ Сибратәи афедералтә Университет агастрономиа Аинститут аҿы аҵара рҵоит. Урыстәыла аганахьала уи рхы аладырхәит Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиа Верхушкина, агастрономиа Аинститут адиректор, Bellini аицаԥҵаҩы Алеқсеи Горенски, иара убас апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа; аԥсуа ган аҟынтәи -  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, Аԥсны атуризм Аминистрра ахаҭарнак Инaра Бениа, ақыҭанхамҩа Аминистрра аекономика аҟәша аиҳабы Беслан Папба, АУН «Акурорт Пицунда апансионатқәа реидгыла» ахаҭарнак Азамаҭ Багаҭелиа, Ареспублика Аԥсны апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аӡбамҭала Аԥсны Ахада идгыларала сынтәатәи аԥхын азы ареспубликаҿы имҩаԥысит Сибратәи афедералтә Университет агастрономиа Аинститут аҿы аҵаразы аконкурс. Уи алҵшәақәа рыла, быжьҩык хәыда-ԥсада аҵаразы иарбоу аҵараиурҭа иахыԥхьаӡалахеит.

Аиԥылараҿы астудентцәа аконкурс алахәхаразы агәазҭазаара рызҭаз, аҵара апроцесс иаҵоу ауадаҩрақәеи аҷыдарақәеи ирылацәажәеит, убри аан урҭ инаҵшьны иазгәарҭеит араҟа апрофессионалтә еизҳаразы зыҩаӡара ҳараку азыҟаҵара шыҟоу.

Вараздат Миносиан урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны иалҵыз аҿар аҵаразы ироуз алшаразы. Уи иазгәеиҭеит ареспублика анапхгара урҭ ганрацәала адгылара шрынаҭало.  


Read 52 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.