АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:26

Аурыс драматә театр актриса Ирина Делба Челиабинск имҩаԥысуаз афестиваль «Камерата» аноминациа «Иреиӷьу аԥҳәыс лроль» аҿы аиааира лгеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр актириса Ирина Делба Челиабинск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль «Камерата» аноминациа «Актәи аплан иреиӷьу аԥҳәыс лроль» аҿы аиааира лгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр.

Зхыԥша дуу аӡбаҩцәа реилазаара актириса аџьшьара лынаҭеит  Антон Корнилов иқәиргылаз  А. Палыга испектакль «В лучах» аҿы Марииа Киури лроль анагӡаразы.

Иарбоу аноминациа аҿы аиааира агаразы еицлабуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи актрисацәа жәпаҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ольга Кабо, Марина Кондратиева, уҳәа егьырҭ еицырдыруа актрисацәа.

Ирина Делба ас еиԥш зхыԥша дуу афестиваль аҿы ихадоу аноминациақәа руак аҿы илгаз аиааира – Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр мацара аихьӡараны иҟаӡам, уи Аԥсны атеатралтә ҟазара зегьы азы еихьӡара дуны иҟалеит.  

Апрофессионалтә драматә театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль-конкурс «Камерата» аҭоурых 1992 шықәса раахыс ихацыркуп. Афестиваль жәларбжьаратәи ҳәа астатус шьақәнарӷәӷәахьеит, уи алахәылацәа ргеографиа – еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы – Европа инаркны Аладатәи Африка аҟынӡа инаӡон. Ажиури аилазаараҿы иҟоуп авторитет змоу атеатр аспециалистцәеи акритикцәеи, алахәылацәа ракәзар – Урыстәылеи адунеи иреиӷьу атеатрқәа. Уи зегьы «Камерата» мҽхакыла иҭбаау, акыр зҵазкуа, Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵ еицырдыруа форумны иҟанаҵоит.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.