Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагбеи Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи асасцәа иддырбеит аҳҭнықалақь аԥшаҳәа аиқәыршәазаара апроект, акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҿы акаҳуа ддыржәит.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аполитикатә партиа «Урыстәыла акзаара» алахәылацәа иахьа, жьҭаарамза 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» VII Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәаны рхы аладырхәуеит.