Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 11 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ирымшуп
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба АԥсныАҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы Атәылахьчара аминистр Ануа В. И. ихьӡала адныҳәалара ишьҭит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Атәылахьчара аминистрра аррамҵзурауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рветеранцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымш.
Ҳара ҳрызгәдууп Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа хьӡи-ԥшеи змоу рҭоурых адаҟьақәа. Ари аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааникылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба – 30 шықәса раԥхьа, Аԥсны жәлар рзы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟа знапы аҵазҩыз.
Хашҭра рықәым, ҳгәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит Аԥсуа ар аиҿкаареи ашьақәгылареи рус аҟны злагаламҭа дуу Владимир Аршба – Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара актәи аминистр, Султан Сосналиев – Аштаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ.
Ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит уинахыстәи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрцәа зегьы.
Атәылахьчара аминистрра аԥҵара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит ҳреспублика аԥсҭазаараҟны. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵареи рхачҳареи ирыбзоураны аԥсуа дгьыл аҟны иаанкылан ашьакаҭәара, аҳәынҭқарра алшара аиуит аҿиаразы. Ҳара хьаҵра ҳзымдыруа, аиааирақәа ргара ҳазыҟаҵахеит.
Ҳара аӡәа-ӡәала хьыӡҳәала зегьы ҳгәалашәоит ҳ-Аԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раани аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рызгьы ҳҳәынҭқарра атәылахьчаратә лшара, ахьыԥшымра ашьақәырӷәӷәараҟны злагаламҭа рацәоу аветеранцәа.
Ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа иқәдыргылоит амилаҭтә шәарҭадара алыршаразы ҷыдала иӡбатәу азҵаарақәа, шәҭакԥхықәра амҽхак дырҭбаауеит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рганахьала аибашьралшара адгылара аҭараҟны ацхыраара иазхиоуп.
Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа! Агәра ҳгоит шәара шәпатриотизм, ишәыдҵоу аҭакԥхықәра, шәыпрофессионализм есқьынгьы Аԥсадгьыл амаҵ аура ишазку.
Ишәзеиӷьаҳшьоит шәнапы иану атәылахьчара аус аҟны аихьӡарақәа, анасыԥ, ахирра".
Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/1707-lasha-ashuba-sozdanie-minoborony-stalo-znachimym-sobytiem-v-zhizni-strany.
© АПСНЫПРЕСС.